Каха Калаӡе  - Ҳара ашантажи аультиматумқәеи ҳрықәшаҳаҭхом, ҳара аиҩызареи апартниорреи мацароуп иаҳҭаху
Каха Калаӡе  - Ҳара ашантажи аультиматумқәеи ҳрықәшаҳаҭхом, ҳара аиҩызареи апартниорреи мацароуп иаҳҭаху

«Аультиматумқәеи ашантажи рыла ацәажәара апартниорра акәӡам иаанаго, абас ҳазныҟәара ҳақәшаҳаҭхом», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет иаланарҵәаз апроект данахцәажәоз.

Каха Калаӡе иҳәамҭала, абри аҩыза аультиматумқәа аиҩызара акәӡам иаанаго.

«Ҳпозициа жәдыруеит: ҳара ашантажи аультиматумқәеи ҳрықәшаҳаҭхом, ҳара аиҩызареи апартниорреи мацароуп иаҳҭаху. Абри аҩыза аҳәамҭақәа ҳазрықәшаҳаҭхом. Уи аиҩызара акәӡам иаанаго», — иҳәеит Қарҭ ахада.

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет апроект инақәыршәаны, ассамблеиаҿ ақырҭуа делегациа азинмчы аамҭала ишьақәырҕәҕәазароуп азгәаҭарақәак рыла.