Каха Калаӡе – Ҳара 100%-тәи агарантиала иаҳҳәоит Қырҭтәыла хымҧада астатус шаиуа
Каха Калаӡе – Ҳара 100%-тәи агарантиала иаҳҳәоит Қырҭтәыла хымҧада астатус шаиуа

Қарҭ ахада  Кахи Калаӡе иҳәамҭала,  арадикалтә оппозициа уи ишаҿагылоугьы, Қырҭтәыла, хымҧада, астатус аиуеит.

«Арадикалтә оппозициа зегьы астатус аиураҿы атәыла ишаҧырхагоугьы, Қырҭтәыла, хымҧада ари астатус аиуеит. Ҳара  100%-тәи агарантиала иаҳҳәоит ҳтәыла ари астатус шаиуа. Иҟаҵатәыз зегьы ҟаҳҵеит, астатус зҳарымҭаша аргументкгьы рзаанымхеит. Ииашам аӡбара рыдыркылар, ҳара, ҳақәгыланы, ҳуааҧсыра аилыркаарақәа раҳҭоит. Иахьазы аҭагылазаашьа злаҟо ала, Қырҭтәыла хымҧада астатус аиуеит», — иҳәеит аҳҭнықалақь ахада.

Ажурналистцәа Калаӡе иазҵааит  «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа уажәааны иҟарҵаз аҳәамҭа иазкны. «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, атәыла акандидат астатус аиургьы, уи «Ақырҭуа гәахәтәы» рылшамҭақәа ракәымкәа, ақырҭуа жәлар рыбзоуралоуп ишыҟало. Каха Калаӡе аҭак аныҟаиҵоз ашазгәеиҭаз ала,  2012 шықәса инаркны  «Ақырҭуа гәахәтәы» ақырҭуа жәлар реиҳара ргәазыҳәара аанарҧшуеит.

««Амилаҭтә ҵысра» ҧасатәи аҧсҭазаараҿы иаанхеит. Дара атәыла анапхгара зларҭоз иҟьашьу аметодқәеи азнеишьеи рзаанхеит. Арҭ ауаа уажәгьы ирзеилымкааит ҳтәыла ауааҧсыра иахьа иахьыҟоу аҭыҧаҿ изыҟоу. Убри аҟынтә, астатус атәыла анапхгара ракәымкәа ажәлар ирыбзоуроуп ҳәа ирҳәаз азы абас аҭак ҟасҵар сҭахуп, иахьа Қырҭтәыла анапхгара ақырҭуа жәлар ирхаҭарнакуп. Ҳтәыла ауааҧсыра реиҳара рыдгылара ала, ҳара  2012 шықәса инаркны аиааирагара ҳаҿуп, агәра шәсыргар сҭахуп, «Амилаҭтә ҵысра» ҧаса ажәлар ишрызныҟәоз еиҧшҵәҟьоуп иахьагьы ишрызныҟәо. Ари амч даараӡа ишәарҭоуп, дара егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рзы ртәылеи рыжәлари ринтересқәа рыҧсахыр рылшоит. Убри аҟынтә, иахьа иахьыҟоу уааҵәҟьа иаанхоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.