Каха Калаӡе "Гелап жәларбжьаратәи аиҿкаара" есышықәсатәи аконференциа ихы алаирхәоит
Каха Калаӡе "Гелап жәларбжьаратәи аиҿкаара" есышықәсатәи аконференциа ихы алаирхәоит

Аҳҭнықалақь аҿы “Гелап жәларбжьаратәи аиҿкаара” есышықәсатәи аконференциа мҩаԥысуеит,  уи аҭҵааратә институт Горби аегидала мҩаԥысуеит. Қарҭ ахада Каха Калаӡе “Гелап жәларбжьаратәи аиҿкаара” есышықәсатәи аконференциа ихы алаирхәоит.

Ахадара аинформациа ала, ауснагӡатә алахәылацәа ауаажәларратә гәаанагара аҭҵаара аметодологиақәеи атехнологиа ҿыцқәа рроли рыхцәажәоит. Иара убас ирыхәаԥшуеит аимакқәеи аибашьрақәеи раан имҩапгатәу аҭҵаарақәа зеиԥшроу.

Қарҭ ахада ауснагӡатә алахәылацәа рҿаԥхьа дықәгылан, адунеи аҿы 30 еицырдыруа аҭҵааратә аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аспециалистцәеи Қырҭтәыла аҭааразы иҭабуп ҳәа раиәеит.

Қырҭтәыла аконференциа раԥҳьаӡа мҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәоит ЕАШ-и, Британиа Дуи, Саудтәи Аравиеи, Италиеи, Австриеи, Болгариеи, Швециеи, Испаниеи, Аладатәи Кореиеи, Филлипинқәеи Иапониеи рхаҭарнакцәа.