Каха Калаӡе  - Европа иаҧсоу аҳәынҭқарра ҕәҕәақәа аҭахуп, ҳтәыла арҕәҕәаразы ҳара  ҳцынхәрас аӡәгьы  акгьы изыҟаиҵом
Каха Калаӡе  - Европа иаҧсоу аҳәынҭқарра ҕәҕәақәа аҭахуп, ҳтәыла арҕәҕәаразы ҳара  ҳцынхәрас аӡәгьы  акгьы изыҟаиҵом

«Ари аҳәынҭқарра,  атәыла аҩныҵҟа ма анҭыҵ иарбанзаалак аконкреттә мчы акәымкәа,  ҳтәыла ауааҧсыра иртәуп», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Иара иажәақәа рыла, атәылаҿ атәым анырра ирмаҷтәуп, ари атәылазы ажәлар рнырра  иазырҳатәуп.

«Ари аҳәынҭқарра,  атәыла аҩныҵҟа ма анҭыҵ иарбанзаалак аконкреттә мчы акәымкәа,  ҳтәыла ауааҧсыра иртәуп.   Атәылаҿ атәым анырра ирмаҷтәуп, ари атәылазы ажәлар рнырра  иазырҳатәуп.

Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит, иахьа еиҭасҳәоит ҳхықәкы хада евроинтеграциа шакәу, аха, ҳара уи ишақәнагоу еиҧш иҟаҳҵар ҳҭахуп. Ари азҵаара абас ҳазныҟәоит. Ҳара абасоуп Қырҭтәыла ҳшахәаҧшуа, ҳтәыла аҿиареи, аекономика ҕәҕәеи, ахьыҧшымра ҕәҕәеи, иаҳа иҕәҕәо аҳәынҭқаррареи ҳшахәаҧшуа. Ҽакала Европа захьӡу аҭаацәара иаҧсоу алахәылас узыҟалом. Уаагьы иаҧсоу аҳәынҭқарра ҕәҕәақәа рҭахуп, ҳтәыла арҕәҕәаразы ҳара ҳцынхәрас аӡәгьы акгьы изыҟаиҵом. Абри аҩыза ҳаҭырлоуп Евроеидгылашҟа ҳашрыдыркыло», — иҳәеит  Каха Калаӡе.