Каха Калаӡе  -  Европа ачемпионат ашҟа аиасра  – амилаҭтә аизга алахәыла цыҧхьаӡа иџьабаа дуи аҳәынҭқарра адгылареи иахылҵыз алҵшәоуп
Каха Калаӡе  -  Европа ачемпионат ашҟа аиасра  – амилаҭтә аизга алахәыла цыҧхьаӡа иџьабаа дуи аҳәынҭқарра адгылареи иахылҵыз алҵшәоуп

Қарҭ аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе амилаҭтә аизга Европа ачемпионатаҿ ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

«Сара Қырҭтәыла аҧыза-министр сицны Германтәыла сыҟан,  лымкаала,  Диуссельдорф ҳаҟан,  уаҟа амилаҭтә аизга алахәылацәа ҳарҧылеит.

Ҳаҷкәынцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит,  Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы  ирыдгылоит.  Амилаҭтә аизга алахәылацәа зегьы ибзиаҵәҟьаны ирдыруеит риааира ҳтәылазы аҵакы ду шамоу. Европа ачемпионатахь аиасрагьы ақырҭуа шьапылампыл азы ақәҿиара дууп,  дара актәи аетапаҿ агәыҧ иалҵып ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Қарҭ ахада иҳәамҭала,  Европа ачемпионатаҿ амилаҭтә аизга ахәмаррақәа зегьы ишиашо ртранслиациа мҩаҧгахоит Михаил Месхи ихьӡ зху астадионаҿ.

«Европа ачемпионатаҿ ҳмилаҭтә аизга раҧхьатәи аматчнӡа хәымш аанхеит. Ҳуааҧсыра даҽазнык иргәаласыршәар сҭахуп – ахәмаррақәа рыхәаҧшразы Германтәылаҟа изымцаз ауаа рзы,  Қарҭ ахадареи Қырҭтәыла Ашьапылампылтә федерациеи,  рашәара  18, 22,  26  рзы Михаил Месхи ихьӡ зху астадионаҿ,  амилаҭтә аизга ахәмаррақәа рырбара еиҿыркаауеит. Астадионаҿ аекран дуқәа дыргылоит. Ашьапылампылтә федерациа анапхгара адгылареи ацхыраареи азы ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.