Даниа ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа ахьӡ абжьыхроуп. Ауааԥсыра ибзиаӡаны ирдыруеит Биӡина Иванишвили ҳтәылазы иҟаиҵахьаз, ари ауаҩы иҟаиҵаз иус хада – 2012 шықәсазы ашьакаҭәаратә режим аԥыхроуп, – иҳәеит Қырҭ ахада Каха Калаӡе.
Қарҭ ахада азҵаара изықәдыргылеит даниатәи апрессаҿ Қырҭтәыла иҟоу Даниа ацҳаражәҳәаҩ Анне Тофт Соренсен лавтортә статиа иазкны. Астатиаҿ ацҳаражәҳәаҩ лажәақәа рыла “Биӡина Иванишвили долигархуп, имал Урыстәылаҿ еизигеит“. Каха Калаӡе европарламентарцәа рҳәамҭақәагьы дрыхцәажәеит.
„Аҭак аҟаҵара даараӡа имароуп. Зегьы рзы идыруп Европарламент алахәылацәа алобизм азы аԥара шыҟарҵо. Арҭ ауаа Қырҭтәыла аҩызцәа ракәӡам, урҭ рыззегьы рхатә интересқәа рымоуп. Даниа ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз аҳәамҭа ахьӡ абжьыхроуп. Ауааԥсыра ибзиаӡаны ирдыруеит Биӡина Иванишвили ҳтәылазы иҟаиҵахьаз, ари ауаҩы иҟаиҵаз иус хада – 2012 шықәсазы ашьакаҭәаратә режим аԥыхроуп. Атәылаҿ апрогресс иубарҭоуп, атәыла иҿиаауеит, евроинтеграциа ҳазааигәоуп, ари апроцесс наҟ-наҟгьы нагӡоит”, – иҳәеит Калаӡе.