Каха Калаӡе - Даҽазнык исҳәар сҭахуп, ахара хәыҷы саргьы исықәзар, азакәан аҿаԥхьа сықәгылар сыхиоуп
Каха Калаӡе - Даҽазнык исҳәар сҭахуп, ахара хәыҷы саргьы исықәзар, азакәан аҿаԥхьа сықәгылар сыхиоуп

Арҭ амшқәа рзы ари исҳәахьеит, иахьа даҽазнык исҳәар сҭахуп, ахара хәыҷы саргьы исықәзар, азакәан аҿаԥхьа сықәгылар сыхиоуп, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе иахьа имҩаԥгаз аҳҭнықалақь аиҳабыра реилатәара аҿы.

Каха Калаӡе иажәақәа рыла, Ваке апарк аҿы иҟалаз арыцҳара иазкны иҟоу азҵаарақәа рҭак аусԥшаара ҟанаҵаруоп.

„Ваке апарк аҿы уи амшцәгьа аҽны иҟалаз арыцҳара иазкны иҟоу азҵаарақәа рҭак аусԥшаара ҟанаҵаруоп. Аанкылоуп жәҩык, урҭ дреиуоуп ахадара аусзуҩгьы. Аусԥшаара ахәҽьара аҭара зин сымам. Азакәан аҿаԥхьа ҳзинқәа еиҟароуп.

Арҭ амшқәа рзы ари исҳәахьеит, иахьа даҽазнык исҳәар сҭахуп, ахара хәыҷы саргьы исықәзар, азакәан аҿаԥхьа сықәгылар сыхиоуп,” – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе