Каха Калаӡе – Ауааҧсыра зегьы срыҳәар сҭахуп ахәыҷтәы Евровизиа иалахәы ҳхәыҷқәа ирыдгыларц
Қарҭ ахада Каха Калаӡе ауаажәлар дрыҳәеит аконкурс «Ахәыҷтәы Евровизиа» ақырҭуа алахәылацәа ирыдгыларц.
Калаӡе ишиҳәаз ала, арҭ ахәыҷқәа риааира – атәыла аиааироуп.
«Ахәыҷтәы Евровизиаҿ Қырҭтәыла иахаҭарнакцәоу, агәырҵҟәыл ду злоу ҳхәыҷқәа — Анастасиа Васаӡеи, Николоз Харатии, Ото Базерашвилии, ҳадгылара рҭахуп. Арҭ ахәыҷқәа риааира – ҳтәыла аиааироуп. Убри аҟынтә, ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, ҳхәыҷқәа ҳабжьы раҳҭароуп. Шәызынтәгьы сшәыҳәар сҭахуп, шәмаашьакәа, Евровизиа адаҟьа аҟынтә ҳхәыҷқәа шәыбжьы рышәҭ. Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи аиааиреи азеиҕьасшьоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.
Абҵара 26 рзы, Palais Nikaïa асценаҿ иқәгылоит Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа – Анастасиеи агәыҧ «Ранина»-и.