Каха Калаӡе – Ауааҧсыра зегьы срыҳәар сҭахуп ахәыҷтәы Евровизиа иалахәы ҳхәыҷқәа ирыдгыларц
Каха Калаӡе – Ауааҧсыра зегьы срыҳәар сҭахуп ахәыҷтәы Евровизиа иалахәы ҳхәыҷқәа ирыдгыларц

Қарҭ ахада  Каха Калаӡе ауаажәлар дрыҳәеит аконкурс  «Ахәыҷтәы Евровизиа» ақырҭуа алахәылацәа ирыдгыларц.

Калаӡе ишиҳәаз ала, арҭ ахәыҷқәа риааира  – атәыла аиааироуп.

«Ахәыҷтәы Евровизиаҿ Қырҭтәыла иахаҭарнакцәоу, агәырҵҟәыл ду злоу ҳхәыҷқәа  — Анастасиа Васаӡеи, Николоз Харатии,  Ото Базерашвилии, ҳадгылара рҭахуп.   Арҭ ахәыҷқәа риааира  – ҳтәыла аиааироуп. Убри аҟынтә, ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, ҳхәыҷқәа ҳабжьы раҳҭароуп. Шәызынтәгьы сшәыҳәар сҭахуп, шәмаашьакәа, Евровизиа адаҟьа аҟынтә ҳхәыҷқәа шәыбжьы рышәҭ. Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи аиааиреи азеиҕьасшьоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.

Абҵара 26 рзы,  Palais Nikaïa асценаҿ иқәгылоит Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа – Анастасиеи агәыҧ  «Ранина»-и.