Каха Калаӡе  - Атәылаҿы, адинхаҵареи асексуалтә хырхарҭеи рыла еилых ҟамҵакәа,  ауааҧсыра зегьы рзинқәа ихьчоуп
Каха Калаӡе  - Атәылаҿы, адинхаҵареи асексуалтә хырхарҭеи рыла еилых ҟамҵакәа,  ауааҧсыра зегьы рзинқәа ихьчоуп

««Аҭаацәаратә принципқәеи зықәра наӡам рыхьчареи иазку» азакәан   атәылаҿ ЛГБТ апропаганда ақәиҭымтәра мацароуп изызку, уи асексуалтә аиҵара ахаҭарнакцәа рзинқәа ланарҟәом, —  иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари азакәан аҧыхра иаҳәо Европарламент алахәылацәа рҳәамҭақәа данрыхцәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, ахәыҷқәеи, иара убас, ахбыџьқәеи рыгәҭа  ЛГБТ апропаганда ҟалом.

«Рҽаанкыланы, абри аҩыза аҳәамҭақәа ҟарымҵааит. Аҭагылазаашьа аҽаҧсахуеит. Ишыжәдыруа еиҧш, Америка апрезиденттә алхрақәа рҿы аиааира игеит аконсервативтә хәаҧшырақәа змоу Дональд Трамп. Шәааи ҳазыҧшып. Ахырхарҭақәа рацәа рыла аиҭакрақәа рацәа ҟалоит.  Ари  азакәан ҳалацәажәозар,  уи атәылаҿ ЛГБТ апропаганда ақәиҭымтәра мацароуп изызку, уи асексуалтә аиҵара ахаҭарнакцәа рзинқәа ланарҟәом. Сара изныкымкәа исҳәахьеит, иахьагьы еиҭасҳәоит: атәылаҿы, адинхаҵареи асексуалтә хырхарҭеи рыла еилых ҟамҵакәа,  ауааҧсыра зегьы рзинқәа ихьчоуп. Ҳара ҳазынтәгьы ҳаиҧшуп, ҳазынтәгьы ҳзинқәа ихьчоуп. Дара ишырҭаху еиҧш иныҟәалааит, уи ҳара иаҳусым, аха, уи апропаганда ҟалом», — иҳәеит  Каха Калаӡе.