Каха Калаӡе - Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы амцҳәаҩцәа зегьы ирыхәҭоу аҭак роуеит
Карҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы амцҳәаҩцәа зегьы ирыхәҭоу аҭак роуеит. Каха Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа аҟынтәи Қырҭтәыла алҵреи уажәазы имҩаҧысуа ахҭысқәеи ирызкны ажурналистцәа данрацәажәоз.
„Алогика мариоуп: арҭ ауаа ирарҳәо зегьы, ирыдырҵо зегьы ҟарҵоит. Ҳара ибзиаӡаны иаабеит дара рызынтәгьы еидгыланы, „Ақырҭуа гәахәтәы“ ишажәылоз, алхрақәа раангьы ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларгалон. Даҽа тәылақәак рхаҭарнакцәа уажәы имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵоит, нас, иқәгыланы, даҽа тәылак аусқәа аҽалагалара ишҧаҟало ҳәа рҳәоит. Ицәыршәахәқәоуп, избанзар, алхратә кампаниа аангьы ари апроцесс рҽаларгалон. Уи ииашам, ҳара уи ҳақәшаҳаҭхом. Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, амцҳәаҩцәа зегьы ирыхәҭоу аҭак роуеит“, – иҳәеит Каха Калаӡе.
Иацы Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла азҵаара иазкыз арезолиуциа аднакылеит. Ассамблеиа аӡбарала, мшаҧынӡа ари Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла азинмчқәа иҧкызаауеит.
Адокументаҿ иарбоуп мшаҧынӡа Қырҭтәыла инанагӡараны иҟоу аҭагылазаашьақәа. Арҭ аҭагылазаашьақәа иреиуп “аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи аҿыц алхрақәа рылаҳәареи”.
Ақырҭуа аган арезолиуциаҿы иарбоу аҳәарақәа нарымгӡар, мшаҧы азы Ассамблеиа алахәылацәа ақырҭуа делегациа азинмчы еиҭахәаҧшуеит.