“Ақырҭуа гәахәтәы” аҟынтә Қарҭ ахадарахь акандидат Каха Калаӡе алхраԥхьатәи акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ауааԥсыра асоциалтә политика рыдигалеит.
Қарҭ ахадарахь акандидат иажәақәа рыла, ари ахырхарҭала иаԥҵоу апрограммақәа аҳҭнықалақь абиуџьет 30% иреиҳаны азалырхуеит.
“Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ари апрограммала амуниципалитет ҩмиллионҩык иреиҳаны қарҭаа ирыцхрааит. Ари наҟ-наҟгьы инаҳанӡоит, ихадоу ҳприоритетс еиҭах иаанхоит асоциалтәии агәабзиарахьчаратәии апрограммақәа рынагӡара,” – иҳәеит Каха Калаӡе.