Каха Калаӡе  - Ашаҳаҭгақәа цәырыргааит,  аха,  ашаҳаҭгақәа иҟам,  ицәырыргараны иҟои
Каха Калаӡе  - Ашаҳаҭгақәа цәырыргааит,  аха,  ашаҳаҭгақәа иҟам,  ицәырыргараны иҟои

 

Иҵаҵгәыркым, шьаҭак зҵам аҳәамҭақәа  алхрақәа ҧырхагак рзааргом, – иҳәеит ахҭнықалақь ахада Каха Калаӡе апартиа „Гахариа Қырҭтәылазы“ алидер Гьаргь Гахариа иқәиргылаз ахарадҵарақәа данрылацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, апарламенттә алхрақәа ҭынч имҩаҧган, уи шьақәзырҳәҳәо аҳасабырбақәа иҟоуп.

„Уи абжьааҧнытә имцырку кампаниоуп. Атәыла иаҧырхагахар рҭахуп. Аиашаз, алхрақәа ҭынч имҩаҧган. Жәларбжьаратәи анаҧшцәа иашьашәалоу аҳәамҭақәа ҟарҵеит, абжьаратә аихшьаалақәа цәырыргеит. Иҵаҵгәыркым, шьаҭак зҵам аҳәамҭақәа  алхрақәа ҧырхагак рзааргом.  „Ақырҭуа гәахәтәы“ аиааира агеит, избанзар, атәыла ауааҧсыра реиҳара аҭынчра ахьчареи аекономикатә аҿиареи рҭахуп“, – иҳәеит Қарҭ ахада.

Каха Калаӡе алхрақәа рҧаршеира иазкны иҟоу агәҩара иадҳәаланы Гьаргь Гахариа ипартиа иҟанаҵаз аҳәамҭагьы дахцәажәеит.

„Уи абжьааҧнытә имцырку кампаниоуп. Алхрақәа ҧаршеин ҳәа рымҳәеи, ари атемазы абрифингқәа мҩаҧыргоит.  Алхратә комиссиа хада апрокуратура иадҵаалт.  Уажәшьҭа ашаҳаҭгақәа цәырыргааит, аха, ашаҳаҭгақәа иҟам, ицәырыргараны иҟои?“, – иҳәеит Каха Калаӡе.