Каха Калаӡе - "Ақырҭуа гәахәтәы" аполитика атәылаҿы аҭынчра ахьчареи аекономика аҿиареи ирызкуп
“Ақырҭуа гәахәтәы” аполитика атәылаҿы аҭынчра ахьчареи аекономика аҿиареи ирызкуп, – азгәеиҭеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Уи иажәақәа рыла, аиҳабыра алшо зегь ҟанаҵоит атәыла аекономикатә ҿиаразы.
“Иҳамоу арбагақәа иаадырԥшуеит атәыла аекономикатә ҿиара шамоу, ԥхьаҟа ишцо. Ҳара ҳаангылар ҟалом, атәыла аекономика арӷәӷәаразы иҵегьы иҟаҳҵароуп”, – иҳәеит Калаӡе.
Аҳҭнықалақь ахада иазгәеиҭеит, ЕАШ-и Қырҭтәылеи ирыбжьоу астратегиатә партниорра арҵаулара Қырҭтәыла аԥеиԥш азы акыр шаҵанакуа.
“Аизыҟазаашьақәа ҳрыхцәажәозар, жәаҳәарада, Америка ҳтәыла ҩызоуп, ҳпартниоруп, убри аҟнытә ҳаизыҟазаашьақәа рырҵаулара ахәҭоуп. Ҳара иаҳҭахуп аиҩызара, астратегиатә еиҩызара арҵаулара, уи ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш азы даара акраҵанакуеит ҳәа сгәы иаанагоит”, – иҳәеит Каха Калаӡе.