Каха Калаӡе - «Ақырҭуа гәахәтәы» аконституциатә аиҳара аиуеит, уи агәра снаргоит аҭынчра зыхьчар зылшо амч заҵәы ҳуааҧсыра рҟынтә иамоу адгылара ду
Карҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа рҿы аконституциатә аиҳара аиуеит.
Калаӡе иажәақәа рыла, ауаа анализ иаша ҟарҵоит.
««Ақырҭуа гәахәтәы» аконституциатә аиҳара аиуеит, уи агәра снаргоит аҭынчра ахьчареи атәыла ахьыҧшымра арҕәҕәареи зыхьчар зылшо амч заҵәы ҳуааҧсыра рҟынтә иамоу адгылара ду. Иахьа ҳажәлар лабҿаба ирбеит ахьыҧшымраҵәҟьеи ахақәиҭраҵәҟьеи иаанаго. Иахьа уи ауп ҳаззықәҧо. Иара убас, ҳажәлар лабҿаба ирбеит авиртуалтә демократиа иаанаго. Ҳуааҧсыра анализ иаша рзыҟаҵом ҳәа шәгәы иаанагозар, шәҩашьеит», — иҳәеит Каха Калаӡе.