Каха Калаӡе – Апарламентгьы еизоит, аиҳабырагьы шьақәдырҕәҕәоит, уи аӡәгьы дзаҧырхагахом
Каха Калаӡе – Апарламентгьы еизоит, аиҳабырагьы шьақәдырҕәҕәоит, уи аӡәгьы дзаҧырхагахом

«Ҳәарада, апарламент еизаны, абжьааҧнытә режимла аусура нанагӡоит, аиҳабыра шьақәдырҕәҕәоит, уи аӡәгьы дзаҧырхагахом», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа рызҵаара аҭак анеиҭоз.

«Ҳәарада, апарламент еизаны, абжьааҧнытә режимла аусура нанагӡоит, аиҳабыра шьақәдырҕәҕәоит,  адестрактивтә мчқәа рҽазышәара иахьыҧшымкәа, уи аӡәгьы дзаҧырхагахом. Дара абри аҩыза аҽазышәарақәа рыла, даҽазнык рхаҿсахьа  ҳажәлар   иддырбоит. Ауаа алхра иаша шыҟарҵаз иаҳа-иаҳа агәра ргоит, сара уи сеигәырҕьоит.  Аҭынчреи аҭышәынтәалареи иадгылаз  1 миллион  120 нызқьҩык ҳуааҧсыра даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҳәеит  Каха Каладзе.