Каха Калаӡе аофициалтә визитла Будапешт даҭаауеит  
Каха Калаӡе аофициалтә визитла Будапешт даҭаауеит  

Каха Калаӡе аофициалтә визитла Будапешт даҭаауеит

Ҧхынҷкәын 1–2 рзы Қарҭ ахада Каха Калаӡе аофициалтә визитла Будапешт даҭаауеит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Калаӡе Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииарто диҧылоит.

Иара убас, Қарҭ ахада, европатәи ақалақьқәа рурбантә аҿиара иазку аконференциа ихы алаирхәоит. Каха Калаӡе аконференциа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

Қарҭ ахада ицу аделегациа иалоуп Қырҭтәыла апарламент адепутатцәеи, Қарҭ ахадара Атранспорти ақалақьтә аҿиареи рзы агентра анапхгаҩы Нино Багашвилии.