Каха Калаӡе – Амуниципалитет Ҭварчрелиӡе имҩа  №1 аҿы инхо жә-ҭаацәарак қьырала анхарҭа рыднагалеит, аха, ҩ-ҭаацәара заҵәык  иақәшаҳаҭхеит
Каха Калаӡе – Амуниципалитет Ҭварчрелиӡе имҩа  №1 аҿы инхо жә-ҭаацәарак қьырала анхарҭа рыднагалеит, аха, ҩ-ҭаацәара заҵәык  иақәшаҳаҭхеит

Қарҭ ахада Каха Калаӡе ишиҳәаз ала, Ҭварчрелиӡе имҩа  №1  аҿы инхо ауааҧсыра рҟынтә жә-ҭаацәарак Қарҭ ашәҟәы иҭаҩуп, амуниципалитет урҭ кьырала анхарҭақәа рыднагалеит.

Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Азыӡбанагӡара амилаҭтә биуро иаланаҵәаз аинформациа иадҳәаланы. Ари аинформациа инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу аҩны хәарҭам, уаҟа инхо ауааҧсыра  ҽаџьара рнырхара иаҿуп.

«Қарҭ ашәҟәы иҭаҩу жә-ҭаацәарак иҟоуп. Амуниципалитет қьырала анхарҭақәа рылнагалеит. Ҩ-ҭаацәарак иақәшаҳаҭхеит, егьырҭ мап ркит. Иаартны ишәасҳәар сҭахуп  —  ари азҵаара Қарҭ ахадара иаусым, аӡбара ақәҵара анагӡароуп аус злоу, ауаа рнырхара апроцесс инагӡоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.