Каха Калаӡе - Америкеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа иҭбаахоит, иаҳа еиҕьхоит
Америкатә санкциақәа иҟам. Америкатә аҩызароуп иҟоу, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе асанкциақәа ирыдҳәаланы ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
Иара иажәақәа рыла, Америкаҟны аизыҟазаашьақәа иаҳа иҭбаахоит, Европа ахырхарҭала ацара нагӡахоит.
«Америкатә санкциақәа иҟам. Америкатә аҩызареи, астратегиатә партниорреи ауп иҟоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа иаҳа иҕәҕәахоит, иаҳа еиҕьхоит.
Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара Европа ахырхарҭала ацара шынаҳагӡо, европатәи аҧеиҧши евроинтеграциеи ҳазҿлымҳауп, Ақырҭуа гәахәтәи Қырҭтәыла ауааҧсыреи ари апроцессаҿ ақәҿиара дуқәа роухьеит. Егьа ақәыҕәҕәара ҟаларгьы, егьа апроблемақәа ҳазцәырҵыргьы, ари амҩа ҳаныланы ҧхьаҟацара наҳагӡоит, ишҳақәнагоу еиҧш, Евроеидгыла ҳалалоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.