Каха Калаӡе - Амчхара зегьы ҟанаҵоит, Евроинтеграциа ахь инеиуа имариам амҩаҿы зегьы  нагӡазарц азы. 
Каха Калаӡе - Амчхара зегьы ҟанаҵоит, Евроинтеграциа ахь инеиуа имариам амҩаҿы зегьы  нагӡазарц азы. 

«Амчхара зегьы ҟанаҵоит, евроинтеграциа ахь инеиуа имариам амҩаҿы зегьы  нагӡазарц азы-, иҳәит Қарҭ ахада Каха Калаӡе, Евроеидгыла алахәыразы аҳәара алаҵара инаркны шықәсык аҵыра иазкны.

Иара иҳәамҭала, аҭакԥхықәра змам аопозициа зынӡагьы хьаас иамаӡам атәылеи, евроинтеграциеи.

«Ҳарҭ изныкымкәа иҳаҳахьеит, алахәырахь ицо амҩа акыр ихароуп ҳәа. Ҳарҭ зегьы ҟаҳҵоит, евроинтеграциа ахь инеиуа имариам амҩаҿы зегьы  нагӡазарц азы.

Астатус азҵаара акәзар, уи иамоу азыҳәара атәы жәдыруеит. 12 пункт нагӡатәуп. Уаҟа иануп аопозициа хымԥада иалахәырц азҵаарақәа реилыргараҿы, аха аҭакԥхықәра змам аопозициа зынӡагьы хьаас иамаӡам атәылеи, евроинтеграциеи. Ҳарҭ зегьы ҟаҳҵоит 12 пункт рынагӡаразы»-иҳәит Каха Калаӡе.