Каха Калаӡе – Акциа алахәылацәа, ҭынч апротест аҟаҵара ацынхәрас, административтә хыбра аркра рҽазыркит, аполицаицәа ирықәлон, амуниципалтә амал ҧхасҭоуп
Каха Калаӡе – Акциа алахәылацәа, ҭынч апротест аҟаҵара ацынхәрас, административтә хыбра аркра рҽазыркит, аполицаицәа ирықәлон, амуниципалтә амал ҧхасҭоуп

Апарламент ахыбра аҧхьа иҟалаз ахҭысқәа срыхцәажәар сҭахуп.  Шәызынтәгьы ибзианы ижәдыруеит ҳтәылаҿы  ажәеи агәаанагара аарҧшреи ахақәиҭра шеиқәыршәоу.  Дарбанзаалак ауаҩы, иарбанзаалак аформала ихатә гәаанагара ааирҧшыр илшоит, аха, абри зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭымҵроуп, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе иҳәамҭала, иацтәи акциа азакәанла иазҧхьагәаҭоу апротест аҳәаақәа ирҭыҵит.

„Иацы ҳазынтәгьы иаабеит  апротесттә акциа алахәылацәа, ҭынч апротест аҟаҵара ацынхәрас, административтә хыбра аркра шырҭахыз, аполицаицәа ирықәлон,  ирацәҳауан, амуниципалтә амал ҧхасҭоуп. Акциа ҭынч апротест аҳәаақәа ианырҭыҵ, амчыларатә ҟазшьа анаиуз ашьҭахь, ауаажәларратә аиҿкаара аиҭашьақәыргылара амзызла, азинхьчаҩцәа, азакәан ала иазҧҧхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргеит.  Аполициа аусзуҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаурии ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп  аиҿкаара аиҭашьақәыргылареи аилаҩынтәра аҽазкра аҧыхреи азыҳәан. Атәылаҿы агәаанаагара аарҧшра ахақәиҭра еиқәыршәоуп“, – иҳәеит Калаӡе.