Каха Калаӡе – Аӡәгьы алхратә кампаниа аҽалагалара азин имам, Урыстәыла аума, Мраҭашәара аума, аӡәгьы изҽалеигалом
Аӡәгьы алхратә кампаниа аҽалагалара азин имам, Урыстәыла аума, Мраҭашәара аума, аӡәгьы изҽалеигалом, – иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз.
„Урыстәыла аҧшыхәратә маҵзура аҳәамҭақәа хшыҩзышьҭра ду зрышәҭо сзеилкаауам. Ари аганахьала азҵаарақәа рацәа цәырҵуеит. Урыстәыла аҧшыхәратә маҵзура аҳәамҭа интересс изшәымои?! Аоппозициаа, иқәгыланы, ишиашо ареволиуциазы ааҧхьара ҟарҵон. Аҿар иддырҵон атәылаҿ ареволиуциа шымҩаҧгатәу. Уи азыҳәан даҽа тәылак аҧшыхәратә маҵзура аҳәамҭа зышәҭахи?! – ателевизорла иқәгыланы, аргама ари азҵаара иалацәажәон. Сара амц сҳәома?!“, – иҳәеит Каха Калаӡе.
Ажурналист иқәиргылаз азҵаара инақәыршәаны, аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла атәыла алхратә лагылазаара ҕәҕәала аҽаланагалоит. Ари азҵаара иадҳәаланы Калаӡе ишиҳәаз ала, атәыла анапхгара аӡәгьы уи еиҧш азин ирҭом.
„ Аӡәгьы алхратә кампаниа аҽалагалара азин имам, Урыстәыла аума, Мраҭашәара аума, аӡәгьы изҽалеигалом. Ҳәарада, еиуеиҧшым аҽазкрақәа иҟоуп, уи иубарҭоуп еиуеиҧшым иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧара рзоушьҭра алагьы. Иаҳҳәап, Даниа аиҳабыра, аоппозициаа аҧара рырҭоит арегионқәа рҿы алхраҧхьатәи кампаниа амҩаҧгаразы. Шәгәы ишҧаанаго, уи ииашоума?! Даҽа тәылак аҧыза-министр ҳтәылашҟа дааны, акциа иалахәы ауаа драцәажәаны, аполитикатә аҳәамҭақәа ҟаиҵозар, уи инормалу процессума?! Убри азоуп изысҳәо аӡәгьы атәыла аҩныҵҟатәи процессқәа рҽалагалара азин имам ҳәа. Убри азоуп „Аартызаара иазку азакәан“ аҵакы ду амоуп ҳәа заҳҳәо. Ҳуааҧсыра ирдыруазароуп Қырҭтәыла ареволиуциа еиҿызкаауа, ауахәама иаҿагыло, аекстремисттә аиҿкаарақәа аҧара рызҭо“, – иҳәеит Каха Калаӡе.