Каха Калаӡе  - Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит, ҳпартниорцәа рҟны анормалтә еизыҟазаашьақәа ҳамазаауеит  
Каха Калаӡе  - Аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит, ҳпартниорцәа рҟны анормалтә еизыҟазаашьақәа ҳамазаауеит  

Қарҭ ахада игәаанагарала,  Америка ҿыц иалху ахада Дональд Трамп аофициалла амчра аниоулак,  жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа аҭыҧ иқәҵахоит.

Калаӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент Қырҭтәыла иадҳәаланы иҟанаҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

«Арҭ ауаа мчыбжьқәак роуп ирзаанхаз. Ажьырныҳәазы Трамп иинаугурациа мҩаҧысуеит. Шәааи,  ҳазыҧшып. Сара ари аҳәамҭа уамашәа изымбеит,  избанзар,  Украина иадҳәаланы ирҳәо ҳаҳауеит,  уаҟа хықәкыла аҭагылазаашьа дырцәгьоит. Аха,  аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахоит. Ҳтәыла иаҭаху,   уи аҧеиҧш азы иаҭаху ҳпартниорцәа рҟны  анормалтә еизыҟазаашьақәа ҳамазаауеит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.