Каха Калаӡе – 2028 шықәса анҵәамҭанӡа даҽа економикак ҳамазаауеит,  ҳтәыла аҿиара аҩаӡара иаҳа ишьҭыҵуеит, уаанӡа аиҿцәажәарақәа ралагара рҭаххар абра ҳаҟами, мап зкыда, аха, ари азҵаара  ашантаж азы ахархәара ҟалом  
Каха Калаӡе – 2028 шықәса анҵәамҭанӡа даҽа економикак ҳамазаауеит,  ҳтәыла аҿиара аҩаӡара иаҳа ишьҭыҵуеит, уаанӡа аиҿцәажәарақәа ралагара рҭаххар абра ҳаҟами, мап зкыда, аха, ари азҵаара  ашантаж азы ахархәара ҟалом  

«2028 шықәса анҵәамҭанӡа даҽа економикак ҳамазаауеит,  ҳтәыла аҿиара аҩаӡара иаҳа ишьҭыҵуеит, уаанӡа аиҿцәажәарақәа ралагара рҭаххар абра ҳаҟами, мап зкыда, аха, ари азҵаара  ашантаж азы ахархәара ҟалом», – иҳәеит Қарҭ ахада  Каха Калаӡе.

«Евроеидгыла иалалар зҭаху атәыла цыҧхьаӡа  аконкреттә критериақәа ирышьашәалазароуп, уи ибзиаӡаны  еилаҳкаауеит. Аекономикатә азҳара, мышхәыбзазара уҳәа, абри зегьы иҟазароуп, аха, уи аҭынчрада изыҟалом.  Иара убас, атәыла аҩныҵҟа аекономикатә аҿиара иҟамкәа, ари ахықәкы зынагӡахом. Убри азоуп изаҳҳәо 2028 шықәса анҵәамҭанӡа ҳахиазаауеит ҳәа.  2028 шықәса анҵәамҭанӡа даҽа економикак ҳамазаауеит,  ҳтәыла аҿиара аҩаӡара иаҳа ишьҭыҵуеит. 2030 шықәсазы Евроеидгыла алаларазы ҳахиазаауеит.

Уаанӡа аиҿцәажәарақәа ралагара рҭаххар абра ҳаҟами, мап зкыда, аха, ари азҵаара  ашантаж азы ахархәара ҟалом.

Ҳтәылеи ҳажәлари ашантаж рзуразы аӡәгьы алшара иаҳҭом.  Қырҭтәыла – аҵакырадгьыл мацара акәӡам, Қырҭтәыла – ҳаҧсадгьыл ауп, уи зегьы рҽанраалароуп.  Атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, зегьы ақырҭуа жәлари, ҳкультуреи, ҳҭрадициақәеи, ҳҭоурыхи пату рықәырҵароуп», – иҳәеит  Каха Калаӡе.