Каха Беқаури – Ҳара АИХқәа рҟны еснагь аимадара ҳазҿлымҳауп, избанзар амедиақәыҧшылара аиҕьтәра ишацхрааша ала азакәан ҳақәныҟәалар ҳҭахуп
Каха Беқаури – Ҳара АИХқәа рҟны еснагь аимадара ҳазҿлымҳауп, избанзар амедиақәыҧшылара аиҕьтәра ишацхрааша ала азакәан ҳақәныҟәалар ҳҭахуп

 

«Сара ажәа шәысҭоит азакәан ҳшақәныҟәо азы. Амассатә информациаҿы аҳаҭыр аларҟәреи ацәымҕратә бызшәеи иҟамзар ҳҭахуп.  Ауаажәларра еиҧшҵәҟьа, ҳаргьы, адезинформациа аларҵәара ҳаҿагылоит. Шәааи, афактқәа рҧаршеира ҳаҟәыҵны, аудиториа ринтересқәа ҳахьчап», — иҳәеит Акоммуникациақәа рзы акомиссиа ахантәаҩы Каха Беқаури акомиссиа аилатәыраҿы.

Иара иажәақәа рыла, Акоммуникациақәа рзы акомиссиа,  изакәызаалак аилагарак ма агхак ҟамларцаз,  азакәан ақәныҟәара аиқәыршәара азҵаараҿы, излауа ала, АИХқәа аус рыцнауеит. Иарбанзаалак амассатә информациатә хархәагак хықәкыла абри аҩыза ак ҟанаҵар, уигьы убарҭахоит,  убасҟан, Акоммуникациақәа рзы акомиссиа иашьашәалоу аӡбара аднакылоит.

«Сара ажурналистика ибзиаӡаны издыруеит, акыраамҭа ателееилахәыраҿы аус зуан. Ажурналистцәа рыхәҭак абри аҩыза адырра шрымам убарҭоуп. Аха, ари афакт АИХ ахьырхәразы шьаҭас изыҟалом.  Ҳара аҩаӡара шьҭаҳхроуп, абри ауп Акомиссиа аусураҿы ахадара злоу. Ателееилахәырак агхак аиур, уи азыҳәан ахьырхәра аҭахым. Хықәкыла азакәан аилагароуп иҟамло. Ҳара иҳалшо ала ҳшәыцхраар ҳҭахуп, аус шәыцура ҳазҿлымҳауп. Шәааи, аусуратә аиҧыларақәа рымҩаҧгара ҳалагап, агхақәа рҽацәыхьчаразы аус еицаауп», — иҳәеит Акоммуникациақәа рзы акомиссиа ахантәаҩы Акомиссиа аилатәараҿы.