"Кавказтәи амедицинатә центр" аҟынтә ишаарыцҳаз, Сагареџьо ахәрақәа зауз ибла аоперациа изыҟарҵаз апациент, иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, уи аклиника дылырҩаар ҟалап
"Кавказтәи амедицинатә центр" аҟынтә ишаарыцҳаз, Сагареџьо ахәрақәа зауз ибла аоперациа изыҟарҵаз апациент, иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, уи аклиника дылырҩаар ҟалап

“Кавказтәи амедицинатә центр” аҟынтә ишаарыцҳаз, Сагареџьо ахәрақәа зауз ибла аоперациа изыҟарҵаз апациент, иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Ари атәы ааицҳаит аҳақьым-офтальмолог Реваз Омиаӡе.

Аҳақьым ишааицҳаз, апациент иахьа аклиника дылырҩаар ҟалап.

Иацы, Сагареџьо, аҩнеихагыла дук аҟынтә ахаҵа автоматтә хымцабџьарла ахысра далагеит. Иҭахеит хәҩык, ахәрақәа роуит хәҩык. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь агәыԥ ҷыда хаҭарнакцәа инеиаанӡа, ацәгьоуҩы иҽишьит.