Катрин Колона  -  Қырҭтәыла европатәи агәахәтәы лабҿабарас иҟалароуп, убри азыҳәан атәылаҿ иҟоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп
Катрин Колона  -  Қырҭтәыла европатәи агәахәтәы лабҿабарас иҟалароуп, убри азыҳәан атәылаҿ иҟоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп

Аминистр ишсеиҳәаз ала,  ауааҧсыра  85%  Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит, уи европауаас шәҟаларцаз шәыцхрааразы гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит, – илҳәеит Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Катрин Колона Илиа Дарчиашвилии лареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист  Катрин Колона длазҵааит ашықәс анҵәамҭаз, Қырҭтәыла астатус анашьара иазкны аӡбара анрыдыркыло, Қырҭтәыла Франциа  иақәгәыҕыр алшома  ҳәа.

Франциатәи аминистр ишылҳәаз ала,  „европатәи агәахәтәы лабҿабарас иҟаларцаз, атәылаҿы иҟоу амчқәа зегьы ахархәара рымазароуп“.

„Украинаҿ аурыс агрессиа амшала аиҭакра дуқәа ҟалеит, иџьоушьаратәы иҟоуп, аха, арҭ ахҭысқәа бзиаракгьы рхылҵит, Евроеидгыла иаҳа аҽырҭбаара аҭаххеит.  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишсеиҳәаз ала, ауааҧсыра  85% Евроеидгылахь Қырҭтәыла алалара иадгылоит.  Уи европауаас шәҟаларцаз шәыцхрааразы гәызҭаҵагас иаҳзыҟалеит.  Европатәи агәахәтәы лабҿабарас иҟалароуп, убри азыҳәан атәылаҿ иҟоу алшарақәа зегьы ҳхы иаҳархәароуп“, – илҳәеит Катрин Колона.