Катрин Диума – Франциа Қырҭтәыла иахәаҧшуеит игәрагоу апартниор аҳасабала, арегионаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль иазҧхьагәаҭаны, ари атәыла Евроеидгылазы аҵакы ду амоуп
«Франциа Қырҭтәыла иахәаҧшуеит игәрагоу апартниор аҳасабала, арегионаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль иазҧхьагәаҭаны, ари атәыла Евроеидгылазы аҵакы ду амоуп», — илҳәеит Франциа Спенатаҿ иҟоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Катрин Диума Николоз Самхараӡе анапхгара ззиуа Қырҭтәыла апарламенттә делегациа данырҧыла ашьҭахь.
Катрин Диума ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцессаҿ ақәҿиара аиуеит.
«Аиҧылараҿы Қырҭәтыла аҿаҧхьа иқәгылоу агеополитикатә проблемақәа ҳрылацәажәеит. Ҳара урыстәыла-украинатәи аибашаьрагьы ҳалацәажәеит. Франциа Қырҭтәыла иахәаҧшуеит игәрагоу апартниор аҳасабала, арегионаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль иазҧхьагәаҭаны, ари атәыла Евроеидгылазы аҵакы ду амоуп. Ҳара наҟ-наҟгьы адиалог наҳагӡоит, Франциа еснагь Қырҭтәыла иадгылазаауеит», — илҳәеит Катрин Диума.