Катар иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ - Катар аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭгӡаны имҩаԥысуеит зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа
Катар имҩаԥысуа ахԥатәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭгӡаны имҩаԥысуеит зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа, – иҳәеит Катар иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Николоз Ревазишвили Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катарҟа ивизит данахцәажәоз.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, афорум рхы аладырхәоит 40 рҟынӡа атәылақәа рлидерцәеи зыҩаӡара ҳараку аиҳабыратә делегациақәеи.
„Иалагеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Катарҟа ивизит. Уи ихы алаирхуеит Катар имҩаԥысуа ахԥатәи аекономикатә форум. Афорум Катар аемир ипатронажи Блумберг аиҿкаареи рыла мҩаԥысуеит. Афорум рхы аладырхәоит 40 рҟынӡа атәылақәа рлидерцәеи зыҩаӡара ҳараку аиҳабыратә делегациақәеи. Авизиат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуцеит зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа, аԥыза аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апанельтә дискуссиаҿы дықәгылоит“, – иҳәеит Николоз Ревазишвили.