Катар аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Варлам Авалиани
Катар аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Варлам Авалиани

Катар аҳәынҭқарраҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Варлам Авалиани.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Варлам Авалиани 2021-2025 шықәсқа рзы амедиаҳолдинг агенералтә директорс дыҟан, ари амедиаҳолдинг иаҵанакәан ателееилахәыра  „Русҭави  2“-и иакымкәа амедиаплатформқәеи.

2019-2021 шықәсқәа рзы Варлам Авалиани  „Астудиа Маестро“ анагӡаратә директорс дыҟан.

2012-2014 шықәсқәа рзы Варлам Авалиани Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ибжьагаҩи ихаҭыҧуаҩи рҭыҧқәа ааникылон.

2014-2018 шықәсқәа рзы аконсультациатә еилахәырақәа рҿы  акоммуникациақәа рзы консультанс дыҟан.  1999-2013 шықәсқәа рзы еиуеиҧшым ателееилахәырақәа рҿы ажурналистс аус иуан.