Каталониа аӡхыҵра ду ҟалеит
Каталониа аӡхыҵра ду ҟалеит

Каталониа аӡхыҵра ду ҟалеит. Аӡхыҵра аԥхасҭа рнаҭеит амҩақәа, ацҳақәа, аҩнқәа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рнапхгараҭара маҵзура аинформациа ала, ҭелла аԥсабаратә рыцҳара иазкны 200 иреиҳаны адыррақәа роуит, аиқәырхаратә операциа агьежьԥыгақәа иалахәун.

Испаниа аметеорологиатә маҵзура ахәашаҽны, уахынла ҭыԥқәак рҿы  ашәарҭа аҩаӡара ҟаԥшь рыланаҳәеит.