Карл Харцель - Жәлар рыхьчаҩ ирку аинститутқәа рмониторинг алшара имазароуп
Карл Харцель - Жәлар рыхьчаҩ ирку аинститутқәа рмониторинг алшара имазароуп

Ахәыҷы арыцҳара иҽацәыхьчара зин имоуп, аҳәынҭқарра иауалуп ари азин ахьчара, – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражҳәаҩ Карл Ҳарцель Ниноҵминда иҟоу ахәыҷқәа рпансион азҵаара данахцәажәоз.

Ҳарцель иажәақәа рыла, Жәлар рыхьчаҩ ирку аинститутқәа рмониторинг алшара имазароуп, ари ашьаҭатәи ҵакы амоуп.

“Ахәыҷы арыцҳара иҽацәыхьчара зин имоуп, аҳәынҭқарра иауалуп ари азин ахьчара. Ҳаззегьы ари ҳазыԥшуп. Ари ахәыҷқәа рымшхәбзазара иадҳәалоуп.

“Ахәыҷқәа рзинқәа ркодекс” ала аҭакԥхықәра ҳамоуп, Аиҳабыра ауснагӡатә плани астратегиеи аанарԥшыроуп, Евроеидгылеи егьырҭ апартниорцәеи уи иадгыларц иазыхиоуп. Жәлар рыхьчаҩ ирку аинститутқәа рмониторинг алшара имазароуп, ари ашьаҭатәи ҵакы амоуп,” – иҳәеит Карл Ҳарцель.