Карл Харцель – Украина адгылара азаарҧшра аҵакы ду амоуп
Карл Харцель – Украина адгылара азаарҧшра аҵакы ду амоуп

Уажәы Украинеи, Қырҭтәылеи, арегиони аиҭасратә аамҭа иҭагылоуп. Апринпиптә позициа мацара иазхом, аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара азхиазаара аарҧштәуп, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, Евроеидгыла апозициа еилкаауп, Украина иаҿагылоу агрессиа нагӡахар, уи алҵшәа цәгьа ахылҵуеит. Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла адеескалациа азҵааразы апартниорцәа аус рыцура нанагӡоит.

Ацҳаражәҳәаҩ иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла анапхгарагьы хазы иҟоу ауааҧсырагьы Украина адгылара шазаадырҧшыз.

«Қырҭтәыла анапхгарагьы хазы иҟоу ауааҧсырагьы Украина адгылара азаадырҧшит, уи аҵакы ду амоуп. Апарламент аҿы  Украина адгыларатә резолиуциа адкылара садгылоит. Ари азҵаара акомплекстә ҟазшьа амоуп. Ҳәарада, ахадаратә принципқәа иазгәаҭатәуп,  Украина адгылара азаарҧштәуп. Убри азыҳәан изакәытә формоу иалырхуа –  уи апарлемнти уи алахәылацәеи ирусуп. Иахьа ари азҵаара сзахцәажәом», — иҳәеит  Карл Харцель.