Карл Харцель - Саакашвили игәабзиареи ихәышәтәреи иадҳәаланы амедицинатә екcпертцәа ргәаанагара иазҧхьагәаҭазароуп, уи  ҳара ҳзы аҵкы ду амоуп
Карл Харцель - Саакашвили игәабзиареи ихәышәтәреи иадҳәаланы амедицинатә екcпертцәа ргәаанагара иазҧхьагәаҭазароуп, уи  ҳара ҳзы аҵкы ду амоуп

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳараҳәжәаҩ Карл Ҳарцель иҳәамҭала, дара Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьеи, абаандаҩы иҳасабала ихадаратә зинқәа рыхьчареи, азинтә процесс амҩаҧгашьеи  иацклаҧшуеит.

«Евроеидгыла, аханатәгьы, 3 етапк рыла ахатә позициа аанарҧшит. Раҧхьа иргыланы, Саакашвили игәабзиара,  аҩбатәи –  абаандаҩы иҳасабала ихадаратә зинқәа рыхьчара,  насгьы, азинтә процесс. Абарҭ азҵаарақәа ҳрыцклаҧшуеит.

Игәабзиара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, ишыздыруа ала, мышәқак раҧхьа, Жәлар рыхьчаҩ линициативала, амедицинатә експертцәа иҭааит, егьырҭ авизитқәагьы мҩаҧган.  Саакашвили игәабзиареи ихәышәтәреи иадҳәаланы амедицинатә екпертцәа ргәаанагара иазҧхьагәаҭазароуп, уи  ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит  Карл Харцель.