Карл Харцель – Қырҭтәыла ашанс ду амоуп, Евроеидгыла шәтәыла  ацхраара иазыхиоуп, иуадаҩу аусура ду иалагоит
Карл Харцель – Қырҭтәыла ашанс ду амоуп, Евроеидгыла шәтәыла  ацхраара иазыхиоуп, иуадаҩу аусура ду иалагоит

«Қырҭтәыла ашанс ду амоуп, Евроеидгыла шәтәыла ацхраара иазыхиоуп, иуадаҩу аусура ду иалагоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  Карл Харцель иахьа имҩаҧагаз апресс-конференциаҿы.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  иҳәамҭала,   Қырҭтәыла аҭоурыхтә аамҭа иҭагылоуп,  аха,  уи аҳасабтәқәагьы ацуп.

«Қырҭтәыла аҭоурыхтә аамҭа иҭагылоуп,  аха,  уи аҳасабтәқәагьы ацуп. Аперспективақәа ахархәара рымазароуп, аха, аҳасабтәқәа ӡбатәуп.  Уажәы аполитикатә партиақәа зегьы еидгыланы, ирылшо зегьы ҟарҵароуп  азеиҧш хықәкы анагӡаразы.  Атәыла ауааҧсыра реиҳара ари аҽазышәара иазыразуп.  Қырҭтәыла ашанс ду амоуп, Евроеидгыла шәтәыла  ацхраара иазыхиоуп, иуадаҩу аусура ду иалагоит», — иҳәеит  Харцель.