Карл Харцель иҳәамҭала, Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыдҳәаланы агәаанагара аанарҧшуеит анеҩстәи  2-3 мчыбжьы рыҩныҵҟала
Карл Харцель иҳәамҭала, Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыдҳәаланы агәаанагара аанарҧшуеит анеҩстәи  2-3 мчыбжьы рыҩныҵҟала

«Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыдҳәаланы Еврокомиссиа агәаанагара ҳазыҧшуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ажурналистцәа данрацәажәоз.

Харцель ишиҳәаз ала,  Еврокомиссиа ахатә гәаанагара цәырнагар ҟалап анеҩстәи  2-3 мчыбжьы рыҩныҵҟала.

«Азыҳәамҭақәа ирыдҳәаланы аинтересс зҵоу акгьы сызшәаҳәом, избанзар, сара апроцесс инақәыршәаны сцәажәароуп.  Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы иҟарҵаз азыҳәамҭақәа ирыдҳәаланы Еврокомиссиа агәаанагара ҳазыҧшуп. Сгәы ишаанаго ала,  ари ахҭыс ҟалоит анеҩстәи  2-3 мчыбжьы рыҩныҵҟала», — иҳәеит Харцель.