Карл Харцель – Ҳара иаку Украина ахьыҧшымра ҳадгылоит, Қырҭтәылазгьы абри аҩызаҵәҟьа апринцип ҳақәныҟәоит
«Ҳара кыршықәса рыҩнуҵҟа Европа ашәарҭадара еиқәзыршәо апринцип хада ҳадгылоит, аҳәынҭқаррақәа зегьы дара рхала рҿиареи ршәарҭадареи ахырхарҭа алхра азин рымазароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Харцель Кахеҭи даныҟаз.
«Евроеидгыла Украина мрагылараҿы имҩаҧысуа апровокациақәа ирылацәажәеит. Ҳареи, НАТО аҟынтә ҳпартниорцәеи иаку Украина ахьыҧшымра ҳадгылоит. Аҳәынҭқаррақәа зегьы дара рхала рҿиареи ршәарҭадареи ахырхарҭа алхра азин рымазароуп Ҳәарада, Қырҭтәылазгьы абри аҩызаҵәҟьа апринцип ҳақәныҟәоит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.