Карл Харцель – Европатәи Ахеилак аҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы ахәшьара иазкны ргәаанагара уаҵәы аадырҧшуеит, иахьа ахәшьара сзалацәажәом
Карл Харцель – Европатәи Ахеилак аҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы ахәшьара иазкны ргәаанагара уаҵәы аадырҧшуеит, иахьа ахәшьара сзалацәажәом

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишиҳәаз ала, Еврокомиссиа алахәылацәа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҿы аҭагылазаашьа иазку ахәшьара уаҵәы ицәырыргоит, анеҩс, Евроеидгыла иалоу атәылақәа мчыбжьык аҩныҵҟала ари ахәшьара иахәаҧшны, ргәаанагара рҳәоит.

Харцель ишиҳәаз ала, иахьа иара ахәшьара дзалацәажәом.

«Макьана иааҧҵәаны исызшәаҳәом Еврокомиссиа ахатә гәаанагара анцәырнаго. Ишеилыскаауа ала, дара макьана ари азҵаара аус адырулоит, аха, агәра ганы сыҟоуп уаҵәы ахәшьара шцәырырго.  Еврокомиссиа Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҿы аҭагылазаашьа иазку ахәшьара уаҵәы ицәырыргоит, анеҩс, Евроеидгыла иалоу атәылақәа мчыбжьык аҩныҵҟала ари ахәшьара иахәаҧшны, ргәаанагара рҳәоит.  Иахьа сара ахәшьара сзалацәажәом, аха, уаҵәы, ахәшьара анҵәырыргалак, аҳәамҭа ҟасҵоит», — иҳәеит  Карл Харцель Европа ашҭаҿы имҩаҧгаз амитинг аҿы ажурналистцәа данрацәажәоз.

Европа ашҭашҟа иара убас инеит Америкеи, германәтылеи, Франциеи, Литвеи, Естониеи, Болгариеи ацҳаражәҳәаҩцәа.