Карл Харцель – Европарламент алахәылацәақәак хаҭала ирыҩыз ашәҟәы сахцәажәом,  Евроеидгыла аделегациа ахьӡала исҳәар сҭахуп, ҳара ҧасатәи ахада иус ҳацклаҧшуеит
Карл Харцель – Европарламент алахәылацәақәак хаҭала ирыҩыз ашәҟәы сахцәажәом,  Евроеидгыла аделегациа ахьӡала исҳәар сҭахуп, ҳара ҧасатәи ахада иус ҳацклаҧшуеит

Қырҭтәыла иҟоау Евроеидгыла аделегациа русура иазкны иазгәасҭар сҭахуп, ҳара ҧасатәи ахада Михаил Саакавшили иус ҳацклаҧшуеит, — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ацҳаражәҳәаҩ ишазгәеиҭаз ала, дара ахадаратә зинқәеи азакәан аиҳаӡареи ауп хшыҩзышьҭра ззыруа, абарҭ апринципқәа роуп Евроеидгылазы ахадаратә ҵакы змоу.

Карла Харцель агәыҕра ду имоуп аӡбаратә процесс иаартны, ииашаны имҩаҧысып ҳәа.

Европарламент алахәылацәа рышәҟәы иазкны иацы Иракли Ҕарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа иахиҳәаауеит ҳәа ианиазҵаа, Карл Ҳарцель  абас аҭак ҟаиҵеит:

«Европарламент алахәылацәақәак хаҭала ирыҩыз ашәҟәы сахцәажәом,  абри ашәҟәы иадҳәаланы иҟаҵаз аҳәамҭақәагьы срыхцәажәом. Евроеидгыла аделегациа ахьӡала исҳәар сҭахуп, ҳара ҧасатәи ахада иус ҳацклаҧшуеит. Ҳара ахадаратә зинқәеи азакәан аиҳаӡареи ауп хшыҩзышьҭра ззаауа, абарҭ апринципқәа роуп Евроеидгылазы ахадаратә ҵакы змоу  Аӡбаратә процесс иаартны, ииашаны имҩаҧысып ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.