Карл Харцель – Ес-ҧшьышықәса, алхрақәа рҿы, шәара иаҳа зыгәра жәго апартиақәа ралхреи шәгәыҕрақәа назымгӡаз апартиақәа мап рыцәкреи шәылшоит
«Қарҭи егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы иаабаз аҭынчратә демонстрациақәа адемократиатә хархәагақәа иреиуп, уи ала ажәлар аполитикацәа зегьы иргәаладыршәоит дара рҟынтә иззыҧшу», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.
Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит аҭҵаарақәа инрықәыршәаны Қырҭтәыла ауааҧсыра 80% Қырҭтәыла евроинтеграциа ишақәшаҳаҭу.
«Аҭак зыҧхықәу, ауранагӡара зылшо тәылауаҩс уҟазар уҭахызар, аинформациа наӡа умазароуп. Убри аҟынтә, апроцесс алахәызаареи аобиективтә информациа аҧшаареи шәыбжьазгоит. Аинформациа иаша змоу ауааҧсыра ржьара уадаҩуп. Қарҭи егьырҭ аҭыҧқәеи рҿы иаабаз аҭынчратә демонстрациақәа адемократиатә хархәагақәа иреиуп, уи ала ажәлар аполитикацәа зегьы иргәаладыршәоит дара рҟынтә иззыҧшу. Насгьы, ес-ҧшьышықәса, алхрақәа рҿы, шәара иаҳа зыгәра жәго апартиақәа ралхреи шгәыҕрақәа назымгӡаз апартиақәа мап рыцәкреи шәылшоит», — иҳәеит Харцель.