Карл Харцель - Алхыҩцәа ҭынч, ишәарҭам аҭагылазаашьаҿы абжьыҭира рылшап ҳәа сгәыҕуеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель алхратә процесс дацклаҧшуеит Сабурҭалотәи 14-тәи алхырҭаҿы.
Карла Харцель ишиҳәаз ала, иахьа алхыҩцәа ҭынч, ишәарҭам аҭагылазаашьаҿы абжьыҭира рылшап ҳәа дгәыҕуеит.
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит алхырҭақәа рҿы акоронавирус иадҳәалоу арегулиациақәа ирықәныҟәаларц.
«Ҳара макьана акоронавирус ҳаҿагыланы ҳақәҧоит, убри аҟынтә, иахьа ауааҧсыра зегьы иргәаласыргшәар сҭахуп алхырҭақәа рҿы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа шыхьчатәу. Сара Қырҭтәыла аҩызцәа среиуп, иахьа адемократиа атәылауаа зегьы хырҳагра рзаанагап ҳәа сгәыҕуеит. Абарҭ алхарақәа аҵакы ду рымоуп, Қырҭтәыла адемократиазы аҧышәара қәҿиарала иахысроуп, шәтәыла аҧеиҧш азы уи аҵакы ду амоуп. Уаҵәы ҳара жәларбжьаратәи анаҧшцәа ргәаанагара еилаҳкаауеит», — иҳәеит Карл Ҳарцель.