Карл Ҳарцль - Иацы имҩаԥгз акциаҿ ақырҭуаа рацәаны иҟан, урҭ Евроеидгыла ирнаҭо алшарақәа  рҭахуп
Карл Ҳарцль - Иацы имҩаԥгз акциаҿ ақырҭуаа рацәаны иҟан, урҭ Евроеидгыла ирнаҭо алшарақәа рҭахуп

Иацы избаз Қырҭтәыла проевропатәи амҩа алхра инамаданы аҭынчратә манифест акәын иҟаз,  – иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

Ҳарцель ишазгәеиҭаз, иацы имҩаԥгз акциаҿ ақырҭуаа рацәаны иҟан, урҭ Евроеидгыла ирнаҭо алшарақәа раиура рҭахуп.

“Аполитикатә ҟазшьа змоу акомментарқәа ҟаҵатәым. Саргьы ҟасҵом, изакәану аҭынчратә ҳәаақәа рыхьчара аҵак ду амоуп. Иацы имҩаԥгз акциаҿ ақырҭуаа рацәаны иҟан, урҭ Евроеидгыла ирнаҭо алшарақәа раиура рҭахуп, урҭ ииашоу ашьаҿақәа рыҟаҵара рҭахуп.

Еврокомиссиа ахәашаҽны иҟанаҵаз аҳәамҭа шәсыргәалашәыршәар сҭахуп – Қырҭтәылеи Молдовеи рзы европатәи аперспектива аартуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апотенциал амоуп.