Карл Ҳарцель - Донецки Лугански "ахьыԥшымра" азхаҵара ала, Путин жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа еилеигеит, Европатәи алидерцәа ари афакт цәгьала иақәыӡбеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель иажәақәарыла, Донецки Лугански “ахьыԥшымра” азхаҵара ала, Путин жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа еилеигеит.
“Ишыжәдыруа ала, Европатәи алидерцәа ахада Путин иацы идикылаз аӡбара цәгьала иақәыӡбеит. Донецки Лугански “ахьыԥшымра” азхаҵара ала, Путин жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа еилеигеит. Европатәи алидерцәа апартниорцәа иашьҭанеиуа ашьаҿақәа ирызку аконсультациақәа рзымҩаԥыргоит. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рҟны ҩхырхарҭала аконсультациақәа мҩаԥаагоит – ари аҭагылазаашьа арегион азы иаанаго,аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны иашьҭанеиуа ашьаҿа зеиԥшрхо,” – иҳәеит Ҳарцель.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа “рхьыԥшымра” иазхеиҵеит.