«Канвас-Грузия»  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаланарҵәаз аинформациа иахцәажәеит
«Канвас-Грузия»  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаланарҵәаз аинформациа иахцәажәеит

«Канвас-Грузия»  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иаланарҵәаз аинформациа иахцәажәеит.

«Урыстәылатәи азакәан иаҿагыланы атәылауаҩратә уаажәларра қәҿиарала имҩаҧыргаз акампаниа иаҭакны, атәыла анапхгара  «Канвас – Қырҭтәыла» адиректор Гьаргь Мелаӡе иқәмақаруа иалагеит. Иара аекстремист ҳәа изырҳәан, акампаниа аиҿкаара ихарарҵеит.  Ақәмақарратә кампаниа нагӡахеит цәыббра  18 рзы, уи аҽны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнак апресс-конференциаҿы иҳәеит  аиҿкаара  «Канвас» уажәтәи аиҳабыра рыхҳәара иазку, аҳәынҭқарра иаҿагыло ачарҳәара иалахәызшәа. Аҳәамҭа аларҵәара ашьҭахь жәамш анҵы, цәыббра  29 рзы, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ашҟа аҿахәаҭаразы ирыҧхьеит   «Канвас» алахәылацәа  – Слободан Ииновичеи,  Синиша  Шикмани,  Елена  Танчичи.   Убри анеҩс,   сааҭқәак рышьҭахь дара, изакәызаалак коментарик ҟамҵакәа,  Қырҭтәыла иқәҵит.  «Канвас– Қырҭтәыла» абарҭ афактқәа ирыхәаҧшуеит аиҿкаара анапхгаҩи ари аиҿкаара  аус ацызуа ауааҧсыреи рықәыҕәҕәара ҳасабала.

Ҳара Қырҭтәылаҿ адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәеи рыхьчра иазҿлымҳау жәларбжьаратәи азинхьчаратә аиҿкаарақәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  ари афакт хшыҩзышьҭра ду азуны,  Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа рҟны аимадараан ари афакт иазҧхьагәарҭарц. Абри аҩыза адгылара Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара иазҿлымҳау активистцәа даараӡа ирыцхраауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит», — иануп адырраҿы.