Канада аҧыза-министр - Ванкувер имҩаҧысуаз афестиваль аан иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит, иҭахази аахақәа заузи ауаа рҭаацәарақәа срыдашшылоит
Канада аҧыза-министр Марк Карни Ванкувер имҩаҧысуаз афестиваль аан иҟалаз арыцҳара дахцәажәеит. Карни асоциалтә аҳаҿы ишиҩыз ала, атәыла анапхгара аҭагылазаашьа иацклаҧшуеит.
«Ванкувер имҩаҧысуаз афестиваль аҿы иҟалаз арыцҳара даараӡа сгәы иалсит. Иҭахази аахақәа заузи ауаа рҭаацәарақәа срыдашшылоит. Ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Ҳара аҭагылазаашьа ҳацклаҧшуеит», — иҩит Канада аҧыза-министр.
Ванкувер имҩаҧысуаз афестиваль аан амашьына ауаа ираахеит. Аполициа адыррақәа рыла, иҭахаз ауаа иҟоуп. Шаҟаҩы ҭахаз макьана идырым. Амашьынарныҟәцаҩ даанкылоуп.