Каиа Калласи  Марта Коси Қырҭтәыла иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит  
Каиа Калласи  Марта Коси Қырҭтәыла иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит  

Еврокомиссиа авице-ахада  Каиа Калласи арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Коси Қырҭтыла иҟоу аҭагылазаашьа иазкны аҳәамҭа ҟарҵеит.

Аҳәамҭаҿы Каиа Каласи Марта Коси  Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара апроцесс аанкыланы,  OSCE/ODIR ахәшьара иазыҧшырц.

«Ҳара лабҿаба иаабоит ақырҭуа напхгара адемократиатә стандартқәа реилагара шынарыгӡо. Административтә азакәанеидкылеи Ашьауҕатә закәанеидкылеи ирласӡаны ирыларгалаз аҧсахрақәа ақырҭуа уаажәларра даараӡа ианыҧшуеит. Арҭ аҧсахрақәа агәаанагара аарҧшреи, аизарақәеи рзы ахақәиҭра азин ладырҟәоит, АИХқәа рхақәиҭра иаҧырхагахоит.

Абарҭ ашьаҿақәа рымшала, Қырҭтәыла адемократиа иҵегьы шьҭахьҟа ицеит, уи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус змоу атәыла иақәнагам.

Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара апроцесс аанкыланы,  OSCE/ODIR ахәшьара иазыҧшырц.

Иара убас, ақырҭуа напхгара рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ииашамкәа иаанкылоу ажурналистцәеи, активистцәеи, аполитбаандаҩцәеи иоурыжьҭырц, аполитикатә мчқәа зегьы рҟны адиалог еиқәдыршәарц.  OSCE/ODIR аҳасабырбаҿы иарбоу абжьаграқәа зегьы зыҧшра ҟамҵакәа инагӡазароуп. Европатәи Ахеилак Қырҭтәыла  иҭышәынтәалоу, адемократиатә,  европатәи аҧеиҧш аиқәыршәара ацхраара иазыхиоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.