Каиа Каллас - Қырҭтәыла иҟоу ахҭысқәа икылкааны ҳрыцклаԥшуеит, русзушьа европатәи акурс шашьашәалам аиҳабыра адырра раҳҭар атәы иҟаҵатәу ҳахцәажәеит
Қырҭтәыла иҟоу ахҭысқәа икылкааны ҳрыцклаԥшуеит, русзушьа европатәи акурс шашьашәалам аиҳабыра адырра раҳҭар атәы иҟаҵатәу ҳахцәажәеит, – илҳәеит адәныҟатәи аусқәеи аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас.
Каллас Мзиа Амаӷлобелии адипломатиатә тәылауаҩшәҟәқәа змоу ахаҿқәа рзы авизатә ԥкрақәа ашьақәыргылара иазкны азҵаара лзықәдыргылеит.
“Қырҭтәыла иҟоу ахҭысқәа икылкааны ҳрыцклаԥшуеит, русзушьа европатәи акурс шашьашәалам аиҳабыра адырра раҳҭар атәы иҟаҵатәу ҳахцәажәеит. Зҵаарақәак ҳрыхцәажәаратә иҟоуп. Иахьа авизалиберализациа аанкылара иазку аӡбамҭа ҳадаҳкылеит, Евреоидгыла иалоу атәылақәа рҿы арҭ аԥкрақәа аладырҵәароуп”, – иләҳеит Каллас.