Каиа Каллас – Қырҭтәыла азҳара иаҿу арепрессиақәа ҳрылацәажәеит, уи азы аҭак зыҧхықәу ауааҧсыра рзы аҧкратә усмҩаҧгатәқәа рыхәаҧшра ҳазыхиоуп
«Қырҭтәыла азҳара иаҿу арепрессиақәа ҳрылацәажәеит, уи азы аҭак зыҧхықәу ауааҧсыра рзы аҧкратә усмҩаҧгатәқәа рыхәаҧшра ҳазыхиоуп», — илҳәеит Евроеидгыла адәныҟаполитикатә усбарҭа анапхгаҩы Каиа Каллас Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
«Иахьа аминистрцәа Қырҭтәыла азҳара иаҿу арепрессиақәа ирылацәажәеит, аоппозициатә лидерцәеи АИХқәеи ржәылара афактқәагьы инрылаҵаны. Уи азы аҭак зыҧхықәу ауааҧсыра рзы аҧкратә усмҩаҧгатәқәа рыхәаҧшра ҳазыхиоуп, — илҳәеит Каиа Каллас.