Каиа Каллас - Қырҭтәыла аиҳабыра рықәыӷәӷәаразы, Евроеидгыла аҟынтә иџьбароу ашьҭымҭа аҟаҵаразы иҳалшо ҳахцәажәароуп
Қырҭтәыла аиҳабыра рықәыӷәӷәаразы, Евроеидгыла аҟынтә иџьбароу ашьҭымҭа аҟаҵаразы иҳалшо ҳахцәажәароуп, – илҳәеит Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Каиа Каллас.
Каллас лажәақәа рыла, асанкциақәа аус рыдулара нагӡатәуп.
«Қырҭтәыла аиҳабыра рықәыӷәӷәаразы, Евроеидгыла аҟынтә иџьбароу ашьҭымҭа аҟаҵаразы, адемлнстрантцәа рганахьала амч ахархәара иҟамларц азы иҳалшо ҳахцәажәароуп. Ашәахьаҿны арҭ азҵаарақәа ҳрыхцәажәеит, аха ҳзеиқәшаҳаҭымхеит. Аусура наҳагӡароуп», — илҳәеит Каллас.