Каиа Каллас лҳәамҭала, иахьа Қырҭтәылазы авизалиберализациа аанкылара азҵаара инарҭбааны иахәаҧшуам, аха, уигьы ахархәагақәа иреиуп
Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас лҳәамҭала, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак иахьатәи аилатәараҿы Қырҭтәылазы авизалиберализациа аанкылара азҵаара инарҭбааны иахәаҧшуам, аха, уигьы ахархәагақәа иреиуп. Каиа Каллас ишазгәалҭаз ала, иахьатәи аилатәараҿы асанкциақәа рызҵаара иқәлыргылоит.
„Иахьа ҳара Қырҭтәыла азҵаара ҳахәаҧшуеит. Ҳәарада, шәара ишышәҳәаз еиҧш, аҭагылазаашьа иаҳа-иаҳа ицәгьахоит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла ауаҩы изинқәа еилазго ауаа асанкциақәа рзышьақәыргылара азҵаара еиҭақәҳаргылоит. Иҵегьы иҟаҳҵар иҳалшо ҳалацәажәоит, избанзар, Қырҭтәыла амҩа иаша иазыхынҳәуам. Иахьа авизалиберализациа аанкылара азҵаара инарҭбааны ҳалацәажәом, аха, уигьы ахархәагақәа иреиуп“, – илҳәеит Каиа Каллас.